СОБЫТИЯ

Џьансыхә Нанба: Игор Ахба аԥсадгьыл амаҵ аураҿы ихамеигӡара ахааназ аԥсуа жәлар ргәаҿы иаанхоит

Џьансыхә Нанба: Игор Ахба аԥсадгьыл амаҵ аураҿы ихамеигӡара ахааназ аԥсуа жәлар ргәаҿы иаанхоит

Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба иԥсыжра аиҿкааразы иаԥҵаз Аҳәынҭқарратә комиссиа ахантәаҩы, аԥыза-министр  ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Игор Ахба имҩаԥгара иазкыз алахьеиқәҵаратә митинг аҿы иқәгылара:

Ҳаҭыр зқәу агәакьацәа, ауа-аҭахыра, ажәлар!

Зыԥсҭазаара иалҵыз Игор Мураҭ-иԥа Ахба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагараз алахьеиқәратә митинг аартуп ҳәа азысыԥхьаӡоит.

Иахьа даара алахьеиқәра ду ҳаманы, ҳажәлар инарылукаашаз ауаҩы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаагарц азы абра ҳаиқәшәеит. 77 шықәса дшырҭагылаз, акыраамҭатәи ичымазара бааԥс ашьҭахь,  аԥсҭазаара далҵит Игор Мураҭ-иԥа Ахба – Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, адипломат, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ.

Игор Мураҭ-иԥа диит жәабран 5, 1949 шықәса рзы, Аҟәа.

Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә ҵара иманы далгеит, анаҩс СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҳәынҭқарреи азини Ринститут аспирантура далгеит.

Рашәарамза 1, 1992 шықәса инаркны — Урыстәылатәи Афедерациа аҿы Аԥсны Азинмчы змоу ахаҭарнакс дыҟан. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы Москва, аԥсуа диаспора рымчқәа еидкыланы, иаԥиҵеит, дагьахагылеит Аԥсны ганрацәала ацхыраара аҭаразы Аоперативтә штаб. Аштаб аус ауан аибашьра цонаҵы, аинформациатә усуреи, агуманитартә цхыраара аизгареи Аԥсныҟа аашьҭреи, ахҵәацәа рыцхыраареи, ахәцәа рыцхыраара аиҿкаареи анапы алакны.

Урыстәылатәи Афедерациа абжьаҟазарала ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҭышәныртәаларазы аиҿцәажәаратә процессқәа еснагьтәи лахәыланы дыҟан.

2004 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра дахагылеит.

Идипломатиатә усура адаҟьа ҷыда аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоуп. Абҵарамза 14, 2008 шықәса рзы Игор Мураҭ-иԥа Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу цҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан. Ари амаҵураҿы иара жәаха шықәса инареиҳаны дыҟан, аҳәынҭқаррабжьаратә еинырра аҿиареи аҩ-тәылак рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәареи рҿы аџьабаа ду ибеит.

2021 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Игор Мураҭ-иԥа евразиатәи аинтеграциа азҵаарақәа рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵан.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы Игорь Мураҭ-иԥа Ахба «Ахьӡ-Аԥша» аорденқәа II, III аҩаӡарақәа ианашьан, «Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан. Жәларбжьаратәи аусеицура аҿиараҿы илагалазы иара ианашьан Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәышԥлаҵатә дырга «Жәларбжьаратәи аусеицураҿы илагалазы».

Игор Мураҭ-иԥа ипрофессионализми, шықәсырацәалатәи идипломатиатә ԥышәеи, аԥсадгьыл амаҵ аураҿы ихамеигӡареи  ахааназ аԥсуа жәлар ргәаҿы иаанхоит.

Иахьа, Игор Мураҭ-иԥа  аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаго, наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәоит  иуа-иҭахы, игәакьацәа, акыршықәса ивагылаз, аус ицызуаз иҩызцәа, зымаҵ иуаз иԥсадгьыл гәакьа ахаҭа.